Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

28.02.2019 13:10
Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа аҳәынҭавтоинспекциа аусураҿы иҟоу агхақәа рырҽеиреи, иара убас апрофилактикатә гәҽанызаарара аганахьала анапынҵақәа риҭеит.
28.02.2019 12:04
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь диит хәажәкырамза 4, 1949 шықәса рзы.
27.02.2019 15:52
"Сара Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Адыгеиеи ирыбжьоу аамҭа иҧнашәаз аиашьаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы аҿиара шроуа азы агәра згоит", – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
27.02.2019 14:00
Атәыла аҧыза-министр Аҧсны ажурналистцәа аминистрцәа Реилазаара аилатәарақәа рымҩаҧысшьа азы иҟарҵо адыррақәеи, иҟоу ауадаҩрақәа ралкаареи, ииашаны акцент рыҭареи рзы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
27.02.2019 13:47
Жәабранмза 27, 1919 шықәса рзы агазеҭ “Аҧсны” раҧхьаӡатәи аномер ҭыҵит.
27.02.2019 12:28
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы агазеҭ “Аҧсны” аредактор хадеи аколлективи актәи аномер анҭыҵыз Амш 100-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
27.02.2019 10:34
“Иахьагьы аҧсуа журналистика ихьыҧшым ҳҳәынҭқарра аргылараҟны, ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчараҟны ароль маҷӡам”, – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
26.02.2019 14:39
Абри азы имҩаҧгаз абрифинг аҿы адырра ҟаиҵеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.
25.02.2019 19:54
Аҧснытәи абоксиор аринг аҿы диҧылоит Африкантәи аспортсмен.

Страницы: Пред. 1 ... 102 103 104 105 106 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа