Ажәабжьқәа

Популярное

Витали Габниа: аинаугурациаҿы ихьыҧшым Аҧсны аделегациа Рамзан Кадыров зегь раҧхьаӡа идызныҳәалаз иреиуоуп

649
14.10.2016 17:04
Витали Габниа: аинаугурациаҿы ихьыҧшым Аҧсны аделегациа Рамзан Кадыров зегь раҧхьаӡа идызныҳәалаз иреиуоуп
Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа имҩаҧигаз абрифинг аҿы аҧснытәи аделегациа Чечентәылатәи Ареспублика Ахада Рамзан Кадыров иинаугурациа амҩаҧгара иадҳәалаз ацеремониа алахәхара атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Аҧсны Ахада Витали Габниа ацеремониа амҩаҧысшьа инарҭбааны далацәажәеит. Уи иажәақәа рыла, Рамзан Кадыров иинаугурациа алахәхаразы еиуеиҧшым адунеи атәылақәеи Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи 70 инареиҳаны аделегациақәа Чечентәылатәи Ареспублика иаҭааит.

Убри аан, Витали Габниа иазгәеиҭеит: “Апротокол инақәыршәаны, ацеремониаҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо иқәгылеит аҧснытәи аделегациа ахаҭарнакцәа, избан акәзар урҭ исуверентәиу ихьыҧшым аҳәынҭқарра ахаҭарнакра арҭон”. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы Чечентәылатәи Арепублика Ахада Рамзан Кадыров иинаугурациа аҿы даҧхьеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа.

Иазгәаҭатәуп, ари амш аҽны ареспублика аҿы иара убас егьырҭ аныҳәақәагьы азгәарҭон – ақалақь Амш, аҿар Рымш, иара убас, ареспублика Ахада Рамзан Кадыров 40-шықәса ихыҵра аиубилеи.

Аҭаара аихшьаалақәа ҟаҵо, Витали Габниа Чечентәыла аҿиара мҩа ишану азгәеиҭеит. “Чечентәыла абизнес знапы алаку зегьы рхашәалахәы аҟынтәи ажәабатәи ахәҭа хымҧада ареспублика аҿиара Афонд иахырыҧхьаӡалоит азы, уи аҿиара қәҿиарала имҩаҧысуеит”, - ҳәа иҳәеит Витали Габниа. Иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ , ареспублика аизҳазыҕьара иазырхоу даҽа акырӡа зҵазкуа факторкгьы ахшыҩзышьҭра аиҭеит. Уи-атәыла анаҧхгара ахь иҟоу аҳаҭырқәҵара ауп.

(АП): Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа аилазаараҿы иҟан Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, ашәарҭадаразы Аилак амаӡаныҟәгаҩ Маҳамад Кьылба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа анаҧхгаҩы Алхас Гагәылиа, Аҧсны иҟоу Чечентәылатәи Ареспублика ахаҭарнак Руслан Тунтаев.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа