Ажәабжьқәа

Популярное

Ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә еиҿкаара “Sadakatasi” аԥсуа коллегацәа аусеицура рыбжьарҵоит

595
16.02.2015 13:50
 Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә еиҿкаара “Sadakatasi” ахаҭарнакцәа идикылеит. 

Афонд “Sadakatasi” амаӡаныҟәгаҩ хада Емрах Енгин аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба иҟаиҵаз адкыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәо, Аԥсны аусура ԥшьымз раԥхьа ишалагаз, насгьы аԥсуа ган ацхыраарала иахәҭоу аинформациа аизгара шрылшаз, хаԥхьаҟа Афонд имҩаԥнаго ацхыраара ахырхарҭақәа ҩба шалхыз азгәеиҭеит.

 “Зегь раԥхьаӡха иргыланы, аиҭымцәеи ахәыҷырацәа злоу аҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәеи зҭаацәа усурала еиқәшәам ахәычқәеи, иҩбахаз – Сириантәи иааз ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭара ауп”, - ҳәа азгәеиҭеит Емрах Енгин. 

Шамиль Аӡынба иганахь ала, Ҭырқәтәылантәи иааз асасцәа ҭабуп ҳәа раҳәо урҭ русураҿы адгылара шрырҭо агәра диргеит. 

Афонд “Sadakatasi” 25 тәыла рҟны аус руеит. Уи аусзуҩцәа аус ахьыруа атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит, нас иахәҭоу ацхыраара ҟарҵоит. Афонд иамоу афинансқәа ауааԥсыра иҟарҵо асадаҟы ала ишьақәгылоуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа