27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Занҭариа: аҭынчра, аҭышәынтәалара, ажәлар ракзаара – хаҭалатәи аинтересқәа зегь раасҭа ихадоуп
655
30.11.2016 15:32
Аҟәа ақалақь аҿы Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара “Аруаа” активистцәа реизара мҩаҧысит. Аусмҩаҧгатә иара убас рхы аладырхәит Ареспубликатә Политикатә партиа “Ажәлар Ракзаара Афорум” ахаҭарнакцәа, ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩцәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.
Аҟәа. Абҵарамза 30. Аҧсныпресс. Еизаз рҿаҧхьа дықәгыло аҭҵаареи, акультуреи аҵарадырреи рзы Аҧсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа, иахьа Аҧсны акыр иуадаҩу, аибарххара зныҧшуа, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шьақәгылеит ҳәа азгәеиҭеит.
“Уи еиуеиҧшым аобиективтәи асубиективтәи амзызқәа амоуп. Аха хшыҩла ихәыцуа, ахшыҩ зҵоу ахымҩаҧгашьа змоу амчқәа зегьы, иҟоу аполитикатә еиҿагылара аҭышәынтәалара атәыла анаҧхгареи аоппозициеи рыбжьара аконструктивра злоу адиалог амҩаҧгарала мацара иалыршахоит ҳәа еицҿакны агәаанагара рымоуп. Агәра ганы сыҟоуп, иҟоу аполитикатә мчрақәа зегьы рзы, аоппозициатә партиақәагьы уахь иналаҵаны, аҭынчра, аҭышәынтәалара, ажәлар ракзаара – хаҭалатәи аинтересқәеи амбициақәеи раасҭа ихадоуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Занҭариа.
Владимир Занҭариа иажәақәа рыла, асоциал-економикатә хырхарҭаҿы иҟоу, хра злоу аиҭакрақәа, Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара, аконституциатә реформақәа рымҩаҧгара, уҳәа аиҭакрақәа умбар залшом. Убри аан, иара ихадоу азҵаарақәа рхыҧхьаӡараҿы иаликааит ауаажәларратә еилазаара агәҭынчымра рызцәырызго акоррупциеи иуадаҩу акриминагентә ҭагылазаашьеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Убри аан, уи игәаанагарала: “Аҳәынҭқарра Ахадеи атәыла Анаҧхгареи Жәлар Реизареи ари ахырхарҭала рҽазышәарақәа, ацәгьоурақәа рҿагылара, алҵшәа бзиақәа шаанаарҧшуа агәра удыргоит”.
Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ ишазгәеиҭаз ала, имҩаҧысраны иҟоу аҩ-ҳәынҭқаррак Рхадацәа реиҧылара акыр агәыҕра адырҳәалоуп. “Ари аиҧылара Аҧсны аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьарҵаз аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра анагӡара аҿы иҿыцу алшарақәа рцәыргара иазырхахоит ҳәа агәра ганы ҳаҟоуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа