Ажәабжьқәа

Популярное

Жьҭаарамза 6 рзы аҳҭнықалақь аҿы ақәа леиӡом

537
05.10.2016 17:12
Жьҭаарамза 6 рзы аҳҭнықалақь аҿы ақәа леиӡом
Амшынӡы аҟәандара +23˚С.

Аҟәа. Жьҭаара 5. Аҧсныпресс. Аҧшьаша, Аҧсны иахьаҵанакуа, мраҭашәарантәи иаауа аҳауатә цәқәырҧара рнырра аныҧшуеит. Аамҭа-аамҭала аҧсҭҳәақәа хылоит, уахынлеи ашарҧази ақәа леиӡом, амш аҽеиҩшамҭаз ҭыҧқәак рҿы еиҳарак Мрагыларатәи Аҧсны араион иахьаҵанакуа, аамҭа кьаҿ иалагӡаны ақәа леир алшоит, ҳәа аарыцҳауеит аҳауагәаҭаҩцәа.

Аҳауатә қәыҕәҕәара анорма иақәшәоит – 761 мм. аџьуатә шьаҟа ала, ессаира ахалара иалагоит.

Аҧшасра еизадоуп – 5-7 м/с.

Амшынӡы аҟәандара +23˚С, ацәқәырҧара ҭышәынтәалоуп – 25-75 см.

Ахәҭакахьала аҳауа ацәаакыра – 60-80%.

Аҳҭнықалақь аҿы аамҭа-аамҭала аҧсҭҳәақәа хылоит, ақәа леиӡом.

Аҳауа аҧхарра уахынла +15, ҽынла +26˚С.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа