Ажәабжьқәа

Популярное

Жәабранмза 27 официалла аҧснытәи амассатә информациа ахархәагақәа ирымшныҳәаны иҟалоит

285
22.02.2019 13:01
Жәабранмза 27 официалла аҧснытәи амассатә информациа ахархәагақәа ирымшныҳәаны иҟалоит
Уи азы аиҭакрақәа “Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы” Азакәан иалагалахеит.

Аҟәа. Жәабранмза 22. Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара аҿы “Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы” Азакәан аиҭакрақәа алагалахеит.

Азакәан апроект ала, жәабранмза 27 официалла аҧснытәи амассатә информациа ахархәагақәа ирымшныҳәаны ашьақәырҕәҕәара азы ажәалагала ҟаҵан.

Аусшәҟәы адгалара мҩаҧигеит Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, аҵарадырреи, аҭҵаареи, абызшәатә политикеи, арелигиеи, амассатә информациа ахархәагақәеи рзы апарламенттә Еилакы алахәылаҩ Левон Галустиан: “Ҳазҭоу ашықәс азы ҳара иналукааша аныҳәатә рыцхәқәа – аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145-шықәса аҵреи, раҧхьаӡатәи амилаҭтә газеҭ “Аҧсны” актәи аномер анҭыҵыз Амш 100-шықәса ахыҵреи азгәаҳҭоит. Ишыжәдыруа еиҧш, агазеҭ “Аҧсны” раҧхьаӡатәи аномер ҭыжьын жәабранмза 27 рзы. Убри аҟнытә, ари амш официалла аҧснытәи амассатә информациа ахархәагақәа ирымшныҳәаны иҧхьаӡазарц азы ажәалагала ҟасҵоит”.

Азакәан апроект 1, 2 ахыркәшаратә аҧхьарақәа рҿы ирыдыркылеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа