Жәлар Реизара адепутатцәа апрокуратура хада ахь аҳәара ҟарҵеит урыстәылатәи абизнесуаҩы Клемантович иҭархара иадҳәалоу ихарҭәаау аматериалқәа рырҭарц азы
Жәлар Реизара адепутатцәа мышкы аҩнуҵҟа ҩынтәны иазыхынҳәит адепутат Нодик Кәыҵниа адепутаттә икьымсра ихыхра азҵаара.
Амш актәи азбжазы имҩаԥысуаз Жәлар Реизара аилатәараҿы иазхаӡомзт абжьқәа Нодик Кәыҵниа адепутаттә кьымсра ихыхразы, убри инадҳәаланы еиҿкаан аҩбатәи аилатәара.
Абҵарамза 7 ахәылбыҽха адепутатцәа ари азҵаара иазыхынҳәит.
Жәлар Реизара аспикер Валери Бганба адепутатцәа излареилдиркааз ала ашьыжьтәи аилатәара ашьҭахь уи иахь ааԥхьара ҟарҵеит гәыԥҩык адепутатцәа ақәҵара ҿыц адкыларазы ажәалагала ҟазҵаз адепутатцәа зегьы ркьымсра рхыхразы. Уи анаҩсгьы аусуратә гәыԥ аиҿкаара Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аԥсахра алагаларазы. Ахәылԥазтәи аилатәара иалахәын 28-ҩык адепутатцәа. Урҭ реиҳараҩык ас еиԥш иҟоу акәҵара адкылара иаҿагылеит.
Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь Валери Бганба ажәалагала ҟаиҵеит уаанӡатәи ақәҵара аԥыхразы, иара убасгьы Апрокуратура ахь аҳәара аҟаҵаразы Сергеи Клемановичи Оксана Скаредневои рҭархара иадҳәалоу ихарҭәаау аинформациа аиуразы. Уи иажәалагала аилатәараҿы иҟаз адепутатцәа зегьы еицҿакны иадгылеит.





























