Ажәабжьқәа

Популярное

Жәлар Реизара – Апарламент аҿы амашьына асаркьақәа атонировка аҟаҵара ахьынӡазалыршахо иалацәажәеит

296
22.02.2019 13:43
Жәлар Реизара – Апарламент аҿы амашьына асаркьақәа атонировка аҟаҵара ахьынӡазалыршахо иалацәажәеит
Азакәан апроект актәи аҧхьара аҿы ирыдыркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 22. Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара аҿы “Административтә зинеилагарақәа рзы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аиҭакрақәа ралагалара иалацәажәеит. Азакәан апроект инақәыршәаны, автомашьынақәа рсаркьақәа ртонировка азара апроцент аизырҳара азы ажәалагала ҟаҵан.  

Аусшәҟәы адгалара мҩаҧго, аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы апарламенттә Еилакы алахәыла Алмас Џьпуа: “Зыдгалара мҩаҧгоу азакәан апроект ахь аиҭакра, амҩаҿы ашәарҭадара ашьақәырҕәҕәара иазырхоуп” ҳәа алкаа ҟаиҵеит.

Ахәҭкахьала автомашьынақәа рсаркьақәа ртонировка азара апроцент 30% рҟынӡа анагара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Азакәан апроект актәи аҧхьара аҿы ирыдыркылеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа