Ажәабжьқәа

Популярное

Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аслан Кобахьиеи Даур Аршбеи рзинмчы ҽҳәараанӡатәи аанкыларазы аӡбара рыдыркылеит

624
10.10.2016 13:18
Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа  Аслан Кобахьиеи Даур Аршбеи рзинмчы ҽҳәараанӡатәи аанкыларазы аӡбара рыдыркылеит
Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа реилатәараҿы иарбоу адепутатцәа рзинмчы ҽҳәараанӡатәи аанкыларазы аӡбара рыдыркылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10. Аҧсныпресс. Ҭагалантәи асессиа амҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, “Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат истатус азы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 4, актәи ахәҭа апункт “б” инақәыршәаны, Аслан Кобахьиеи Даур Аршбеи рдепутаттә зинмчы ҽҳәараанӡатәи аанкыларазы аӡбара рыдыркылеит.

Аслан Кобахьиа Аҟәатәи алхратә ҭыҧхада №2 аҿы далхын. Уи Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩыс иҟаҵара инамаданы, идепутаттә зинмчы анагӡара ааникылеит.

Даур Аршба, Аҟәатәи алхратә ҭыҧхада №1 ала далхын. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩыс иҟаҵара инамаданы, ҽҳәараанӡа изинмчы аанкылахеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа