Ажәабжьқәа

Популярное

Зхы иақәиҭу аиқәҧаразы V Жәларбжьаратәи атурнир “Ажәларқәа реиҩызара” аҿы аиааира згаз алкаахеит

323
23.08.2018 17:19
Зхы иақәиҭу аиқәҧаразы V Жәларбжьаратәи атурнир “Ажәларқәа реиҩызара” аҿы аиааира згаз алкаахеит
Аиҿкааҩ – Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак.

Аҟәа. Нанҳәамза 23. Аҧсныпресс. Зхы иақәиҭу аиқәҧаразы V Жәларбжьаратәи атурнир “Ажәларқәа реиҩызара” Аҟәа ақалақь, С. У. Багаҧшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы имҩаҧысуан.  Аицлабрақәа рхы аладырхәит Аҧсны, Ҟарачы-Черкесиа, Чечентәылатәи Ареспублика, Даҕьсҭан, Ставропольтәи атәылаҿацә, Краснодартәи атәылаҿацә, Ермантәыла, Калмыкиа, ақалақь Иваново рҟынтәи 197-ҩык инарзынаҧшуа аспортсмен ҿарацәа. 

Еиуеиҧшым ақәратәи акапантәи категориақәа рҿы аҧхьахәқәа ргеит: 
– 1-тәи аҭыҧ – Олег Урчуков (2004 ш/ииз, 48 кь, ақ. Аҟәа); Алхас Қәаранӡиа (2003 ш/ииз, 65 кь, ақ. Аҟәа); Русҭам Лаҕынӡиа (2003 ш/ииз, 55 кь, ақ. Аҟәа); Данил Џьопуа (2003 ш/ииз, 81 кь, ақ. Аҟәа); Эдуард Урчуков (2006 ш/ииз, 30 кь, ақ. Аҟәа); Дауҭ Џьопуа (2004 ш/ииз, 38 кь, ақ. Аҟәа); Ренат Цыгәба (2006 ш/ииз, 32 кь, ақ. Гәдоуҭа);
– 2 -тәи аҭыҧ – Данил Харчлаа (2003 ш/ииз, 60 кь, ақ. Аҟәа); Саид Бераиа (2003 ш/ииз, 65 кь, ақ. Аҟәа); Саид Бениа (2004 ш/ииз ,48 кь, ақ. Аҟәа);
– 3 -тәи аҭыҧ – Данил Допуа (2008 ш/ииз, 24 кь, ақ. Аҟәа); Алим Аргәын (2006 ш/ииз, 35 кь, ақ. Аҟәа); Осман Ҳашыг (2006 ш/ииз, 24 кь, ақ. Гәдоуҭа); Саид Џьынџьиа (2004 ш/ииз, 71 кь, ақ. Аҟәа.).

Аиааира згаз ачемпион имаҟа ранашьахеит, аҧхьахәқәа згаз – амедалқәеи адипломқәеи.

Аҟәатәи аспортсменцәа азыҟарҵоит– Игорь Бераиа, Размик Адабиан, Миро Ҳашбеи Ҭемыр Џьопуеи; Гәдоуҭатәи аспортсменцәа – Џьон Партанаӡе.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа