Ажәабжьқәа

Популярное

Зықәра намӡац русқәа аӡбаразы иаҧҵоу акомиссиа аусура иацнаҵоит

538
23.10.2017 14:42
Зықәра намӡац русқәа аӡбаразы иаҧҵоу акомиссиа аусура иацнаҵоит
Зықәра намӡац русқәа аӡбаразы иаҧҵоу акомиссиа аилатәара иалагӡаны 7 уск ирыхәаҧшит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23. Аҧсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа аҿы зықәра намӡац  русқәа аӡбаразы иаҧҵоу акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧысит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара асаит.

Аацҳамҭа изланацҳауа ала, иарбоу аилатәара иалагӡаны 7 уск ирыхәаҧшит.

Акомиссиа ахантәаҩы, аҵарадырра Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиба иҟалҵаз адыррақәа рыла, арҵаҩцәеи иуадаҩу ахәыҷқәа аус рыдулара азы амилициа аҟәша аинспекторцәеи  аус здыруалоз, аха хра злоу алҵшәақәа аазмырҧшыз ахәыҷқәа русқәа роуп акомиссиа ахәаҧшразы инашьҭхо. Еиҳарак уи, лыссы-лассы ашкол ааныжьны ицо, аҵара зымҵо,  еиуеиҧшым  амбжьахра иадҳәалоу аусқәа назыгӡо зықәра намӡац роуп. Зусқәа акомиссиа ахәаҧшразы инагахо ахәыҷқәа реиҳарак ихарҭәаам аҭаацәа ирылҵыз роуп, убри аҟнытә урҭ рҭаацәагьы аус рыдулара ахәҭаны иҟоуп. Иарбан усзаалакгьы ахәаҧшраан, акомиссиа анаҩстәи аусура амҩаҧгара иадҳәаланы аколлективтә ӡбамҭа аднакылоит.

Акомиссиа аилазаара иалалоит зықәра намӡац русқәа рзы аинспектор, Аҟәа ақалақь ала апрокурор ицхырааҩ, ашколқәа рдиректорцәа, ацхыраагӡатә школ аҟынтәи апсихиатр, аҵарадырра аусбарҭа аиурист, амаӡаныҟәгаҩ. Акомиссиа наҧхгара алҭоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиба.  

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа