Ажәабжьқәа

Популярное

Аҿцәажәара

25.10.2017 14:43
Аҧсны ахатәы електронтә ҧаратә хархәагақәа раҧҵара алыршахар ҟалоит
Аҧсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, инагӡоу ахыҧхьаӡаратә економика ашьақәгылареи “криптовалиута” ҳәа изышьҭоу ахатәы електронтә ҧаратә хархәагақәа аџьармыкьа ахь ацәыргареи уи аҳәынҭқарра азы иаҧнаҵо алшара ҿыцқәеи дрыхцәажәеит. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 25. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Атәыла аҿы инагӡоу ахыҧхьаӡаратә економика ашьақәгылареи “криптовалиута” ҳәа изышьҭоу ахатәы електронтә ҧаратә хархәагақәа аџьармыкьа ахь ацәыргареи "блокчеин” ҳәа изышьҭоу асистема алагалареи, Аҧсны азы иаҧнаҵо алшара ҿыцқәа даара ирацәоуп. Ас еиҧш агәаанагара имоуп атәыла аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба. 

Аспециалистцәа иҟарҵо азгәаҭарақәа инарықәыршәаны, Аҧсны “криптовалиута” ҳәа изышьҭоу ахатәы електронтә ҧаратә хархәагақәа аџьармыкьа ахь рцәыргара инамаданы ихадоу плошьадканы иҟалар алшоит. Избан акәзар, “криптоферма”, “майнинг-отель” ҳәа изышьҭоу аелектронтә ҧаратә хархәагақәа аус зларуа амеханизмқәа рзы иаҭахуп ирацәаны афымцамч, уи ахәҧса ҳара ҳтәыла аҿы егьырҭ атәылақәа ирҿырҧшны уахәаҧшуазар, акыр илаҟәуп. Аамҭа кьаҿ иалагӡыны урҭ Аҧсны иахьаҵанакуа рцәырҵра залыршахома?   

Ус еиҧш ашьақәырҕәҕәара ҟалаӡом макьана. Иарбоу азҵаараҿы зегьы ирыцку ахәыҧсеи, ахаҭабзиареи роуп. Рыцҳарас иҟалаз араҟа Аҧсны иарбоу ахырхарҭала акыр аиҵахара аныҧшуеит. Иаагозар, Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ихьчоу аенергосистемақәа змоу арегионқәа ыҟоуп, иҟоуп иара убас, Мрагылара Наскьа еиҧш иҟоу афымцамч аиура уи аныхра аасҭа иахьеиҳау арегионқәагьы. Аҳәаанырцәтәи атәылақәа ракәзар, урҭ рхыҧхьаӡара аҟынтәи иалукаар алшоит Китаи, Исландиа реиҧш иҟоу атәылақәа. Иазгәаҭатәуп, иара убас, Қырҭтәылагьы иарбоу ахырхарҭала (“Маининг” ҳәа изышьҭоу иҷыдоу ашьақәгылагақәа рыла аелектронтә ҧаратә хархәагақәа рырҳара) иҧхьагылоу атәылақәа рхыҧхьаӡараҿы ишыҟоу.

Ҳара ҳтәыла аҿы акәзар, “маининг”, аҳәынҭқарреи ахатәы наплакреи русеицура амеханизмқәа рыцхыраарала, “Аинвестициатә усура азы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны атәыла аенергосистема ахь аинвестициақәа ралагалара иазырхоу аплатформа аҳасабала уахәаҧшыр ҟалоит. Избан акәзар, Аҧсны аиашазы, афымцамч аиуразы иҟоу егьырҭ ахкқәа раасҭа акыр зыхәҧса лаҟәу аӡфымцамч аиура иадҳәалоу аусхкы аҿиара азы даара иҳараку апотенциал амоуп. 

Адгәыр Амиран-иҧа, шәааи атерминқәа реилыркаа ҟаҳҵап.  Изыхьӡузеи иахьа еиҳа-еиҳа аларҵәара зауа акриптовалиута? 

“Криптовалиута” ҳәа изышьҭоу – ари аелектронтә ҧаратә хархәагоуп, уи аусуреи ахархәареи ахылаҧшра аиуоит акриптографиатә методқәеи "блокчеин” ҳәа изышьҭоу асистемеи ирықәныҟәаны. Иарбоу атехнологиақәа ирымоу ашифрқәа рыбзоурала, иарбоу аелектронтә ҧарақәа рхархәаҩцәа рхатәы дырранҵақәа рзы узықәгәыҕыртә иҟоу, зыҩаӡара ҳараку ахьчара аҧҵахоит. Иахьазы “акриптовалиута” иаабац аҧара аҳасабала ҳзахәаҧшӡом, избан акәзар уи атәылақәа реиҳарак аҿы ашәатәы хархәагак аҳасабала ирыдыркылаӡом.

Иахьазы иҟоу еиуеиҧшым акриптовалиута ахкқәа маҷымкәа. Уи – Биткоин, Ефириум, Рипл, Биткоин Кеш, Лаиткоин, Деш, уҳәа убас егьырҭгьы. Адунеизегьтәи акриптовалиутатә џьармыкьа ашәагаа Еиду Америкатәи Аштатқәа иртәу 200 млрд доллар рҟынӡа инаӡоит. Еиуеиҧшым азгәаҭарақәа рыла, иҟоу аизҳара адинамика ҳасаб азуны уахәаҧшуазар, иааиуа ажәашықәса иалагӡаны уи  2 трлн. доллар рҟынӡа инаӡар алшоит.  

Аиашазы, ари адинамика анырра ҕәҕәа урҭоит. Иуҳәар алшома аамҭа-кьаҿ иалагӡаны акриптовалиута ҳәа изышьҭоу аелектронтә ҧарақәа ҳзышьцылахьоу аҧара амыцхәрас аџьармыкьа аҿы  аҭыҧ ааныркылоит ҳәа? 

Акриптовалиутақәа реикәыршара адунеи иахьынӡанаӡааӡо алагалара аперспектива атәы уҳәозар, сара сызлахәаҧшуа ала, уи мацара  маҷк аамҭа аҭахәып. Иаагозар, Швеицариа, Иапониа, Сингапур реиҧш иҟоу атәылақәа рҿы акриптвалиутақәа реикәаршара азы азин ыҟоуп. Уи иашьашәалоу афинанстә инфраструктура аҧҵоуп: акриптовалиутатә биржа, аиҭныҧсахлагақәа, уҳәа убас иҵегьы. Сара издыруеит Урыстәылангьы иарбоу ахырхарҭала аусура шымҩаҧысуа. 

Ишыҟазаалакгьы, сгәаанагарала зегьы ибзианы еилыркаауазаар акәхап ари апроцесс шьҭа аанкылашьа шамам, иҿыцу атехнологиақәа раанкылара шаҧсам. Акриптовалиутақәа реикәаршареи блокчеин ҳәа изышьҭоу атехнологиақәа ралагалареи ахырхарҭала аусура иалаго атәылақәа рекономикатә ҿиара акыр иацхраауеит. Даара сақәгәыҕуеит Аҧсныгьы урҭ атәылақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟалап ҳәа.   

Ас еиҧш иҟоу авалиута ахкы хра злоу аганқәеи иамоу аауадаҩрақәеи шәаҳзалацәажәар сҭахын?

Иарбоу авалиута ахкы хра злоу аганқәеи иамоу ауадаҩрақәеи рылацәажәаразы шәахьыҟоу аҳәынҭқарра иааннакыло аппозициа хымҧада шәадҳәалазароуп. Хыхь ишысҳәахьоу еиҧш, “блокчеин” ҳәа изышьҭоу атехнологиа ихьыҧшым, Адунеизегьтәи Абанк, Жәларбжьаратәи Авалиуттә Фонд, уҳәа реиҧш иҟоу жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа рҟынтәи ахылаҧшра амаӡам. Адәныҟатәи аинвестициақәа ҕәҕәала ахылаҧшра ахьарҭо Еиду Америкатәи Аштатқәеи Китаи рнаҧхгараҭара ахаҭарнак иаҳасабала ари азҵаара шәахәаҧшуазар, жәаҳәарада аҧаратә лагалақәа рхылаҧшра азы алшара ыҟамзаара ауадаҩрақәа шәызцәырнагоит. Аха, Аҧсны анаҧхгараҭара аганахьала шәахәаҧшуазар, ас еиҧш иҟоу акриптовалиуттә џьармыкьа алшарақәа шәара шәзы жәаҳәарада аманшәалара ацлоит, избан акәзар, апланета акәакьқәа зегьы рҟынтәи ҧымкрада  аинвестициақәа радыҧхьаларазы алшарақәа шәзаҧнаҵоит. 

Массала акриптовалиута ахь аиасра иааизакны аекономика ишҧаныҧшо, аҧсуа економика аҿиара иацхраауама? 

Ишысҳәахьоу еиҧш, массала акриптовалиута ахь аиасра ҟамлар залшом. Ааигәатәи ажәашықәса иалагӡаны ари аџьармыкьа адунеитә економика аҵакыра еиҳа-еиҳа амҽханакуа иалагоит. Жәаҳәарада уи иаҿагылақәоугьы ҟалоит. 

Ҿырҧштәыс иаагап аинтернет. Аглобалтә каҭа аҧҵара ҟалеижьҭеи ашәышықәсабжак шыҵхьоугьы, иҟоуп тәылақәак аинтернет аҽамадаразы атәыла анаҧхгара аҟынтәи азин аиура ахьаҭаху. Ус еиҧш аҭагылазаашьа аҟазаара, сара сгәаанагарала анархизм ҳәа иазуҳәар алшоит. 

 Уи ирццакны, имшәа-имза ашьаҿа ҿыцқәа рыҟаҵара ахәҭаӡам ҳәа ауп иаанаго. Иарбоу атехнологиақәа апрактикаҿы ахархәара алагалара иахәҭоу азнеишьа аҭахуп. Цхыраагӡа ҳасабла иугар алшоит адунеи атәылақәа жәпакы рҧышәа. 

Аҧснытәи аекономика аҿиара азы – уи, жәаҳәарада, шәы-шықәса рахь знык ицәырҵуа гәыҕра дууп. Ас еиҧш алшара аеффективра аҵаны ахархәара шәареи ҳареи ҳҧеиҧш иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы уи аинвестициақәа ралагалара азы лшамҭа бзииоуп, аҳәынҭқарра анаҧхгараҭара асистема аеффективра аҵаны иаартны аҟалара иазырхоуп. Иара убас, “блокчеин” ҳәа изышьҭоу атехнологиа алазгало атәылақәа рхыҧхьаӡара аҿы ҳҟалар, аинформациатә блокада аҧыхрагьы ҳалшоит. Аҧсны аӡбахә адунеи зегьы иахыҵәоит, иҿыцу атехнологиақәа зхы иазырхәо апрогрессивтә уаатәыҩса рыхәҭа ҳара ҳтәыла хәыҷы аҭоурых азы адырра роуртә аҭагылазаашьа аҧҵахоит. Ари аамҭак ала ахырхарҭақәа жәпакы рыла ҧхьаҟа ацара алнаршоит. 

Уажәы аӡәырҩы акриптовалиута аахәара рҽазыршәоит, ус иуҳәар ауазар, урҭ рыла рџьыбақәа дырҭәуа иалагеит. Ҳаргьы ас еиҧш иҟоу авалиута ахкы ала аҽеибыҭара ҳахәҭоума? 

Ари азҵаара аҿы хымҧада ҳасаб азутәуп, иарбанзаалак аинвестициақәа, акриптовалиутагьы уахь иналаҵаны, аџьармыкьа аилкаара иадҳәалазароуп, ахәҧса аҿиара иацу афактқәа деталла рыҭҵаара ахәҭоуп. Иаагозар, Биткоин акурс 2014 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа 1000% рҟынӡа инаӡахьеит.
 
Зегьы рзы иаку абжьгара араҟа иҟаӡам. Иарбоу ахырхарҭала аьаҿа аҟаҵара шәҽазышәшәаанӡа иааизакны акриптовалиутатә џьармыкьеи еиҳа ркурс аизҳара апотенциал дуу акриптовалиута ахкқәеи ирызку иахьынӡалшо ирацәаны аинформациа аҧшаара ахәҭоуп. 

Аҧсны ахатәы криптовалиута аҧҵара залыршахома? 

Ааи, уи азы алшара ыҟоуп. Аекономика аминистрра аҿы аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа алархәны абар шьҭа бжьымзы инареиҳаны ари азҵаара аус адулара ҳаҿуп. Ахатәы криптовалиута аҧҵара алацәажәара ҳалагаанӡа, ҳара деталла жәларбжьаратәи аҧышәеи апрактикеи ҭаҳҵааит, афакторқәа зегьы ҳрыхәаҧшит, иацу ашәарҭарақәагьы уахь иналаҵаны. Аҧсны аклассикатә еилкаарала амилаҭтә валиута аемиссиеи афинанстә системеи ахьамам инамаданы, ҳара ҳзы ашәарҭара маҷны иацуп. Убри инацны, иҳамоу апотенциали иҳазцәырҵуа алшарақәеи  иҟоу ашәарҭарақәа раасҭа акыр еиҳауп. Хадара злоу акакәны иҟоуп, ICO  ала аинвестициақәа ралагалара. (аред. – ICO, англ. Initial coin offering, амонетақәа аҧхьатәи рыдгалара" – зныктәи, мамзаргьы ирццаку аемиссиа ала иаагоу акриптовалиута ахкы ҿыцқәа ишьақәырҕәҕәоу рхыҧхьаӡара аинвестр ила аҭиирала аинвестициақәа ралагалара аформа). Усҟан Аҧсны аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҿы  ICO ахь ицәырҵуа раҧхьаӡатәи атәылақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟалар алшоит. Ас еиҧш аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәа хра злоу аганқәа иреиуоуп адунеи атәылақәа зегьы ртәылауаа, адунеитә еилазаара аҟынтәи ҳганахьала иҟоу асанкциақәеи, егьырҭ аҧынгылақәеи ирцәымшәакәа ҳекономика аинвестициақәа  ралагалара азы алшара роуеит.  

Арҭ ареформақәа рхықәкы хада аҳасабала ҳара ҳтәыла афинанстә усхкы аҿы “блокчеин” ҳәа изышьҭоу атехнологиеи “криптовалиута” ҳәа изышьҭоу аелектронтә ҧаратә хархәагақәеи инарываргыланы, аҳәынҭқарратә наҧхгараҭареи, аҵарадырреи амедицинеи, аҳәынҭқарра аҧсҭазаара егьырҭ ахырхарҭақәеи  рзы инагӡоу ахыҧхьаӡаратә економика ашьақәгылара асцинари ҳахәаҧшуеит.

Возврат к списку

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа