Ажәабжьқәа

Популярное

Аҿцәажәара

13.02.2015 08:00
Зегь реиҳа акритика сызҭо аҧсуа хәаҧшҩы иоуп – А. Наҷҟьебиаҧҳа
Акамера ззыӡырҩуа аҭыҧҳа.

Амра Наҷҟьебиаҧҳа: «Аҧсны аӡыргаразы акино – хархәага бзиоуп. Аполитикцәеи адипломатцәеи рхатә ус иаҿуп, аха аҟазарагьы иалшо даараӡа ирацәоуп. Сара аханатә инаркны хықәкыс иқәсыргылеит сфильмқәа зегьы аҧсышәала мацара иҭысхларц, Аҧсны иазкны, иахьынӡауа аҧсуа актиорцәа алархәны. Избанзар егьыс ҵакыс иҟоу збаӡом». Ааигәа Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы Аҟәа имҩаҧнагеит Раҧхьаӡатәи аҿар ркинофестиваль. Уи рхы аладырхәит зхы иақәиҭу атемала авидео ҭызхыз аҿарацәа. Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы еиуеиҧшым аноминациақәа рҟны аиааира згаз афильмқәа апремиақәа ранашьан. Иреиӷьу адокументалтә фильм ҳәа иалыркааит арежиссиор қәыҧш Амра Наҷҟьебиаҧҳа лфильм «Абер». Акинофестиваль иалахәыз афильмқәа реиҳараӡак еицырдыруа акиносахьақәа ирылху аремеикқәа ракәызҭгьы, «Абер» - ари хазы игоу, ихыркәшоу документалтә фильмуп. Амра 23 шықәса роуп илхыҵуа, аҵара лҵоит Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә кинематографиатә институт 4-тәи акурс аҟны (ВГИК). Иҳаҩсыз ашықәсазы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет аҟны лҵара хлыркәшеит. Аҭыҧҳа қәыҧш лҟазара ахьынтәаауа џьашьатәым: уи лаб – абаҩхатәра ду злаз аматематик, Аҧсны афырхаҵа, апатриот Маврик Наҷҟьебиа иакәын, ҳаҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, ихы дамеигӡакәа еибашьра дцеит, Аҧсны ахақәиҭра ихы ақәиҵеит, лан – абжьы ссир зхоу апоетесса, атележурналист Инна Ҳаџьымҧҳа лоуп. Салаҽхәаны исҳәоит Амра сара дысҩызоуп ҳәа! Лареи сареи ҳаиҿцәажәараҟны уи исзеиҭалҳәеит лзанааҭ ахь дышнеиз, ҧхьаҟатәи гәҭакқәас илымоу.

Амра, ианбеилыбкааи, арежиссура азанааҭ алыбхырц шыбтаху?
Сара саныхәыҷыз, 3-4 шықәса анысхыҵуаз, санду лҿы, Арасаӡыхь сынхон. Уи есымша ажәабжьқәеи алакәқәеи ҳзеиҭалҳәон, сара схаҿы сахьаны избон зегьы, афильм хәыҷқәа ҭысхуан гәаныла, ҧхыӡырла избон. Ус есааира исызҳацыҧхьаӡа ахәыцра салагеит, афильм ҭызхуа ауаҩы – уи дарбану, аус шҧаиуеи ҳәа. Арежиссер ҳәа аилкаара шыҟоу здыраанӡа, иара сазхәыцуа салагахьан. Ажәакала, сзанааҭ алхраҿы санду илыбзоуроу рацәоуп, есыхәылбыҽха сазыҧшын ҿыц ажәабжьк анбаҳзеиҭалҳәо ҳәа. Ақыҭантәи аҧсабара аҧшӡарагьы, ҳәарада, асахьаркыраҿы сгьама ашьақәгылара иацхрааит. Ҿырҧштәык аазгар сылшоит: ВГИК ахь сҭаларц аҧышәара анасҭоз, аҧсҭазаараҟынтә хҭыск рзыҩтәын аессе аҳасабала. Сара саалаган изҩит схәыҷаахыс схаҿы инхаз хҭыск: ҧхынран, сандуи сареи ақыҭаҿы ҳаҟан, ус сан даҳзааит, иахьиеҧш исгәалашәоит дшеилаҳәаз, лыхцәы шыҟаз, илҳәоз уҳәа зегьы. Аха зегь реиҳа сгәалашәараҿы инхаз асахьа – уи илышьаз зышьхәа ҵарыз аимаақәа шьаҿацыҧхьаӡа адгьыл аҿы акылҵәара хәыҷқәа шаанрыжьуаз акәын. Абри сара схәыҷы хшыҩ ала ацәалашәара снаҭеит ақыҭеи ақалақьи реиҧшымзаара шыҟоу, сан лакәын иааиуаз, аха ари аҭыҧ, лара иахьлызҳаз – абанҭ акылҵәарақәа рымшала дацәтәымны дҟанаҵон сара сгәаныла. Аҧышәара здызкылоз акомиссиа ари ианаҧхьа, афильм аҭыхра сылшоит ҳәа ирыҧхьаӡеит, сагьрыдыркылеит. 

Иарбан арежиссиор ихықәкы хадас иҟоу? Аҭыҧҳа ари азанааҭ еиҳа илцәыуадаҩума? 
Сара сан ҿырҧштәыс дсымоуп. Уи ателехәаҧшраҿы аус анылуаз иахьа иҳамоу аҭагылзаашьақәа ыҟамызт, раҧхьаӡа иргыланы, атехника аганахьала. Лара адырраҭарақәа «Ашьхацамҩа», «Еҵәаџьаа» дравторын, аџьабаа рацәаӡаны илбон, аибашьра ашьҭахь ҩыџьа ахәыҷқәа рааӡара мариазма, ауацәеи аҩызцәеи ацхыраара шыҟарҵозгьы. Аха сара зныкгьы сан лылаӷырӡ сымбаӡеит, иара ус лылахь еиқәынгьы даҳбаӡомызт. Раҧхьаӡа акәны дҵәыуо данызба – ВГИК санҭала ауп… Сара еилыскааит уи лара лзы шаҟа аҵанакуаз. Уадаҩрак санақәшәо убри аасгәалашәоит, нас еиҳа имарианы сахысуашәа збоит. Сан адоуҳамч ду лымоуп, уи Москва саныҟоугьы исныруеит. Егьыс аҧҳәыс лзы ари азанааҭ еиҳа излацәгьоу ыҟазаргьы, уи аҭаацәаратә усқәа дахьырҿу азоуп. Нас аҧҳәыс ҧсабарала еиҳа дҟәымшәышәуп ахаҵа иаасҭа, абригьы ҧырхагас иҟалар ауеит арежиссиор иусураҿы, избанзар уи аҭыхратә гәыҧ иалоу зегьы еидкыланы имазароуп, дасу ихәҭоу ажәа иаҳәатәуп. Иҟалап, саргьы зны-зынла слеишәа сырцәгьозар, аха актиорцәа рганахьала зынӡагьы ажәа хәахәак ҳәатәны исыҧхьаӡом. Урҭ рыҩнуҵҟатә дунеи убас иҧшқаны ишьақәгылоуп, иарбан негативтә цәанырразаалак иаразнак русура ианыԥшуеит. «Ибзиан, аха уааи ҽазнык иҧаҳшәап, еиҳа иеиӷьны иҟаҳҵап» ҳәа расҳәоит сара сактиорцәа рыхәмаршьа анысгәамҧхалак.
Ишҧабызцәырҵи афильм «Абер» аидеиа? Ари раҧхьатәи бфильм аума? 
«Абер» аҧхьа иҭысххьан даҽа фильмкгьы, аха уи еиқәымхеит. Ҩаӡаралагьы рацәак ахәшьара бзиа сзаҭомызт. «Абер» аҿоуп афильм ҳәа сара схәыцрала иҟоу еиҳа сахьазааигәахаз. Аидеиа соуижьҭеи акыр ҵуан, усҟан аҵарагьы сҭамлацызт, аха аинститут аҿы адыррақәа соуа саналага, агәра згеит ишсылшо абри еиҧш афильм аҭыхра. Ари псевдо-документалтә фильмуп. Сара сгәанала ҧхьаҟазы аҧеиҧш змоу адокументалтә фильми аххәмарратә фильми жанрк аҿы реилалара ауп. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп «Абер» аҭыхраан исыцхрааз зегьы: сфырхацәа – Ареф Шьакаиа, Алиса Жьиҧҳа, соператор Алиса Павловскаиа, иара убас Владислав Гуниеи, Олџьаи Гунбеи. Сара сзы даараӡа акраҵанакуеит раҧхьатәи сҳамҭа Аҧсны иахьсоуз. Иҭабуп ҳәа ласҳәарц сҭахуп Шьазина Аҩӡҧҳа, абас еиҧш акинофестиваль ҳзеиҿызкааз. Лара лоуп исазҳәаз акинофестиваль шымҩаҧысуа атәы, сара Москвантәи саара иақәшәеит, схы аласырхәырц сыӡбеит. Исгәалашәоит ҩышықәса раҧхьа Шьазина ишсыдылгалаз аицлабра «Астудент-ҭыҧҳа ҧшӡа» аҽалархәра (2009 шықәсазы Амра ари аицлабраҿы аиааира лгеит – А. Жь.). Аха усҟан уи сара сзы акгьы аҵанакӡомызт, асцена сахьықәгылаз ашоколад афара сҿын. Уажәы зынӡа даҽакын, уџьабаа зду асахьа ахәаҧшцәа зегьы ианырбо, иахырҳәаарызеишь, ишҧарыдыркыларишь ҳәа угәы хыҭ-хыҭуа уазыҧшуп. 
Амра, акинематогафиа ҟазарак аҳасабала аҿиара перспекивақәас иамоузеи?
Аҧсны аӡыргаразы акино – хархәага бзиоуп. Аполитикцәеи адипломатцәеи рхатә ус иаҿуп, аха аҟазарагьы иалшо даараӡа ирацәоуп. Сара акыраамҭа схаҿы исзаагомызт, иара иахьагьы аҵыхәтәанынӡа исзеилымкаац, зхатәы бызшәа змоу, зыҧсадгьыл иқәынхо ажәлар рхатә ҳәынҭқарра рымамзар шҧаҟало ҳәа? Избан џьоукы ҳхьыҧшымра азхарҵаран изыҟоу? Шәазхәыци, иџьашьатәӡами ас еиҧш иҟоу азакәанқәа? Зны иџьасшьон, аха нас сшәо салагеит, избанзар аҳәынҭқарра дуқәа амч дугьы рымоуп. Убри аҟнытә ҳара ҳаидгылазароуп, ҳаӷәӷәахарц азы, ҳхы ҳахьчарц азы. Сара аханатә инаркны хықәкыс иқәсыргылеит сфильмқәа зегьы аҧсышәала мацара иҭысхларц, Аҧсны иазкны, иахьынӡауа аҧсуа актиорцәа алархәны. Избанзар егьыс ҵакыс иҟоу збаӡом. Анцәа иџьшьаны, ВГИК аҟны уи ҧынгыла арҭаӡом. Адунеи аҿы маҷхәума арежиссиорцәа, аха уара утәы иашьҭалода? Сыҧсадгьыл акала сзахәозар са сзы зегьы иреиҳау хықәкыуп, уи сара исуалны исыҧхьаӡоит. Иҵегь ирацәаны ирышьҭлароуп сара сеиҧш аҿарацәа аҵарахьы. Шаҟаҩ зус бзианы издыруа аҿар ҳамазаауа аҟара, ҳаизҳарагьы убасҟак амҽхак духоит. Режиссиорцыҧхьаӡа иара ихатә сценарист димазароуп, аус зциуша ихатә оператор диҧшаароуп. Акоманда ҟамлакәа афильм узҭыхуам, аӡә дагхар ҟалаӡом, араҟа зегьы хадароуп.

Арҿиаратә гәазыҳәара боурц азы иаҭахузеи?

Агәазыҳәара сахашшауам макьаназ. Иахьа хәланӡа, уаха шаанӡа сзызхәыцуа акинематографиа ауп. Уи алоуп иахьазы сыҧсҭазаара шышьақәгылоу. Есымша ак ҟасҵалар сҭахуп, баша атәара сарааҧсоит. Афильм анҭысхуа, уи иалоу афырхацәа бзиа избо салагоит, иреиӷьу аганала иаасырҧшыр сҭаххоит. Даҽакала ҟалашьагьы аманы избом. Сара сырҵаҩы – зыхьӡ нагоу арежиссиор, аҟаза Алексеи Учитель иоуп. Уи аӡәы ирҿхәара ҟазшьас имаӡам, ианакәызаалак аӡәгьы дирҽхәаӡом, ҧырхагоуп ҳәа иҧхьаӡозит. Аха «Абер» ВГИК аҟны адырбараан, астудентцәа зегь арахь шәааи ҳәа анреиҳәа, урҭ ажәақәа сызхеит. Арҵаҩцәа рыла исықәҿиеит сҳәар сылшоит. Санҭалоз издыруаз маҷын, аха шықәсык ала сҩызцәа срыхьӡеит, сагьраҧысит ҳәа сыҟоуп џьара-џьара (дыччоит). Раҧхьатәи ашықәс ауп зегь реиҳа ихадароу, сырҵаҩцәа Алексеи Гелеин – арежиссуразы, Алексеи Демидов – актиортә ҟазаразы, аҿиаразы ихадароу зегь ҳаларҵеит. Акырӡа исыхәеит арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа аҭалараан исиҭаз абжьгарақәа. Насгьы узанааҭ бзиа иубозароуп, сара лакҩакрада исҳәар сылшоит зегь иреиҳау бзиабарас исымоу – арежиссура ауп ҳәа. – Акино аҟны бара еиҳа иалыбкаауа ажанр ыҟоума? – Сара еиуеиҧшым ажанрқәа сгәаҧхоит, ихадароу ажанр акәӡам – афильм иузцәырнаго ахәыцрақәа роуп. Фильмк санахәаҧшуа сышрежиссиору схашҭны убасҟак сагәыланахалозар, усҟан уи сгәаҧхаҵәҟьеит ауп иаанаго. Аха зегь акоуп акино ахәаҧшра аҵкыс аҭыхра бзиа избоит. Ихабҵару, сара афильм ахьынӡаҭысхуа ахьҭагь сылалом, иара ус баша сыхгьы сыхьуам, убри аҟара сҽеидыскылоит ҩнуҵҟала. Иҭыхны ҳанаалгалак ауп агәыхьқәеи ахыхьқәеи зегь анцәырҵуа. Са сзы ихадароу – аҧсуа ахәаҧшҩы игәаҧхаша, дзырхәыцша акино аҭыхроуп. Зегь реиҳа акритика сызҭо аҧсуа хәаҧшҩы иоуп ҳәа сгәы иаанагоит, ус иагьыҟазароуп. Сахәаҧшцәа ишьҭырхуа аҩаӡара аларҟәра азин сымаӡам.
Бҩызцәа аҿарацәа ирзеиӷьабшьарц ибҭахузеи?
Раҧхьаӡа иргыланы, дасу иарбан усзаалак дызҿу аҟны иахьынӡаилшо ибзианы иҟаиҵалааит. Аҧсуа бызшәеи аҧсуа культуреи аӡыргара иашьҭазааит аҿарацәа. Ауаҩы изанааҭ бзиа ибозароуп гәаҳәарала аус аниуа. Убри аҟнытә дасу ргәы иақәшәо аус рыҧшаарц рзеиӷьасшьоит! Ашкол саналга иаразнак ВГИК аҭалара сҭахын, аха ус ҟалашьа амамызт: арежиссурахь ирго даҽа занааҭк имазароуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Урҭқәа са схаҿы иаазгомызт, азиндырратә факультет исҭахымкәа сҭалон. Аха шьҭа сахьхәӡом, избанзар азиндырҩы изанааҭгьы сыхәоит, адырра мыцхәы ҟалахьоума? Амала акинематографиа аҟны узхыҧар иҟало аҧҟарақәа ыҟазар, азиндырраҿы ус акгьы ыҟаӡам. Убри аҟнытә сара сфильмқәа рылоуп сдунеихәаҧшышьа злашьақәсырӷәӷәо. Аӡәы сцәаныррақәа ртәы иасҳәар сҭахызаргьы, ажәақәа маҷны схы иасырхәоит, ашәаҳәареи акәашареи бзиа избоит аҟнытә, убарҭ рыла иаасырҧшуеит сцәаныррақәа. Анкьагьы ишҧаҟаз, арҧыс аҭыҧҳа дшигәаҧхаз икәашарала имҳәози, нас ларгьы аҭак ҟалҵон... 
Ҧхьаҟатәи быгәҭакқәа ҳзеиҭаҳәа. 

Ҧхьаҟа иахьынӡасылшо бзиа избо аус иацысҵалар сҭахуп. Иҟалап макьана арежиссуразы сықәра маҷцәазар, ара аҧышәа рацәаны иаҭахуп, амала уигьы есымша ақәра иҟанаҵом. Исҭахуп иаҳзааигәоу кавказтәи абызшәақәа сҵарц: абаза бызшәеи адыга бызшәақәеи. Ҳара ҳкультура даараӡа ибеиуп, ижытәтәиуп, иҵегь аҧышәа соур, кавазтәи акультура иазкны, Аҧсуара иазкны адокументалтә фильмқәа ҭысхуеит. 

Аманшәалара, ақәҿиарақәа! Иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы. 

© Алина Жьиҧҳа, 2013


Возврат к списку

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа