27.07.2020 14:29
708
23.07.2020 17:30
643
23.07.2020 16:39
627
23.07.2020 14:33
599
23.07.2020 14:20
599
23.07.2020 10:36
617
09.06.2020 18:12
2867
09.06.2020 15:47
2831
08.06.2020 21:03
2805
01.06.2020 18:12
3320
01.06.2020 17:31
3326
01.06.2020 16:00
3295
27.05.2020 21:34
4140
27.05.2020 16:36
4178
Популярное
Аҿцәажәара
13.02.2015 10:00

Аҧсуа шәҟәыҩҩы Теренти Михаил-иҧа Ҷаниа имш иира иадҳәаланы “Аҧсныпресс” акорреспондент иҿцәажәара мҩаҧигеит.
Иарбан ҩымҭақәоу ҿыц иаҧышәҵаз?
Еиҳарак исыҩуа ажәеинраалақәа роуп, урҭ рҕьырак ажурнал “Алашара” аҿы иркьыҧхьуеит. Сажәеинраалақәа зызкәу аибашьреи Аҧсни аҧсабареи роуп. Ааигәа изҩит “Ашҭа аханы аҧслымӡ” ҳәа хыс измоу ажәабжь. Уи аибашьраан иҭахаз аҷқәын изкәуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы абри ажәабжь ауп аус здызулоз. Аха макьана акьыҧхь амбаӡац. Уажәы ажәабжь хәыҷык зҩырц сгәы иҭоуп. Ахәычқәа рзы ауп аха, уигьы аибашьра иазку хҭысуп, асиужетгьы еидыскылахьеит.
Шәара аибашьра атема иаҳа шәазааҭгылоит, избан?
Избан акәзар, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа жәытәнатә аахыс иаҧырҵоз аҩымҭақәа сахьаркырала егьа иҳаракызаргьы, рыблала ирымбацыз ахҭыс акәын изыхцәажәоз. Иаагозар, сара сабиҧара иаҵанакуа ашәҟәыҩҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазкны аҩымҭақәа рацәаны иаҧырҵеит, аха уи дара рыблала ирымбаӡеит. Ус рҳәоит, Лев Толстои аибашьра далагылаӡамызт, аха “Война и мир” иҩит ҳәа, урҭ рҩызцәа ахҭысқәагьы ҟалалоит. Иара убас, 1937 ш. хьанҭа ҳаблала иҳамбеит, аха ҳашәҟәыҩҩцәа уи иазкны ирыҩхьо рацәоуп. 1992-1993 шш. рзы иҟаз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ари ҳара иаҳхаҳгаз ауп. Иаҳа иҵабыргны, исахьаркны, ауаҩы игәаҿы иааиртә иаҳҩырц ҳалшоит. Избанзар, ари ҳара ҳаргәаҟит, ҳалабжыш аанагеит, ҳархәыцит. Аибашьра иазку аҩымҭақәа аҧызҵо сара сыдагьы ирацәаҩуп.
Иахьатәи аамҭазы ҳпоезиа иарбан ҭагылазаашьоу иамоу?
Аҧсуа поезиа аҳаракыра аҟынӡа инеит ҳәа ҳҳәар алшоит, уи 100 шықәса роуп иахыҵуа. Раҧхьаӡа Дырмит Гәлиа ҧсышәала ииҩыз асахьаркыратә ҩымҭа “Аҳы сышәҟәы уеиҵамхан” ацәахәақәа роуп. Убри ашьҭахь икәаҕҕа иааивагылеит Иуа Кәаҕәаниа, Миха Лакрба, Қьаазым Агәмаа, Ӡаӡ Дарсалиа уҳәа убас аӡәырҩы. Шәышықәса роуп иахыҵуа, аха ижәытәӡоу алитература змоу ажәларқәа реиҧш, ҳаргьы ҧхьаҟа ҳцеит. “Ажьа шаҟа итәаз аҟара иҩит”, ҳара заҟа ҳаиҵахаз аҟара ҧхьаҟа ҳцеит. Уажәы ҳлитератураҿы ицәырҵуа иалагеит иажәеинраалоу ароманқәа Мушьни Лашәриа “Аџьынџь”, Платон Бебиа “Ахаҳә раҳа”. Урҭ ҳара ҳабзазараҿы, ҳдоуҳатә культура ашьҭыхраҿы акыр рыҵаркуеит. Арҭ иажәеинраалоу ароманқәа рҿы ажәытәи аҿатәи аарҧшуп: ажәытәан аҧсуаа интересс ирымаз, жәытәнатә аахысгьы рыҧсадгьыл ахьчара ишаҿыз. Уи ҳажәлар ржәытә поезиеи, рҿаҧыцтә рҿиамҭақәеи, ма ашәақәеи рҟны иубарҭоуп. Уа иҟам абзиабара иазкәу ажәеинраалақәа. Уи зыхҟьаз, аҧсуа хәыҷы агара дшынгарҵлак иаҳәа аашьҭыхны еибашьра дцаны иҧсадгьыл ихьчон ҳәа ахьыҧхьаӡоу ауп. Убри ауп алирикатә ашәақәа змырҿиазгьы.
Иахьа иҳамоума апоезиатә ҟыбаҩ ҷыда змоу аҿар?
Ҳәарада, аҿар бзиа ҳамоуп. Иаҳҳәап, Гәында Кәыҵниаҧҳа, Гәында Сақаниаҧха, Дмитри Габелиа, Альбина Анқәабҧҳа уҳәа аӡәырҩы. Дара мап ацәыркит ҳара ҳзықәныҟәоз атрадициақәа, урҭ рхатә традициақәа аҧырҵеит. Ҳара Пушкин, Лермонтов, Ахматова рытрадициала ҳаҩуан. Дара алитератураҿы рхатәы мҩа алырхит, аха уи апоезиа ахаҭабзиара ланарҟәуам ҳәа сгәы иаанагоит. Аамҭа аҽаҧсахуеит, ҳҽаҳаҧсахуеит ҳаргьы. Даара абаҩхатәра змоу аҿар гылеит. Урҭ ыҟанаҵы аҧсуа поезиа кьыс амаӡамкәа, аҿиара амҩа ианызаауеит.
Теренти Михаил-иҧа иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы. Шәымш иира шәыдныҳәало ҳколлектив ахьӡала агәабзиареи агәамчи, аҧсуа ишықәс нҵыра, шәнапы злакәу аус аҿы ақәҿиара дуқәа шәзеиҕьаҳшьоит!

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.