Ажәабжьқәа

Популярное

Аҿцәажәара

13.07.2018 11:29
Гарик Саманба: Ҳара еихтоу акониак аҭира ақәиҭымтәра азы ажәалагала ҟаҳҵоит
Акурорттә аамҭахәҭа ашыкьымҭазы, Аҧсны астандартқәеи, ахархәаратәии атехикатәии ахылаҧшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Гарик Саманба Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, афатә аалыҵқәа рыҭира иамоу ахылаҧшра атәы далацәажәеит.  

Аҟәа. Ҧхынгәымза 13. Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа. Аҧсны астандартқәеи, ахархәаратәии атехикатәии ахылаҧшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Гарик Саманба Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Аилак аҿы уи иусура шхацыркызи, афатә аалыҵқәа рыҭира иамоу ахылаҧшреи, астандартқәа еилазго рхьырхәра шымҩаҧысуеи ртәы далацәажәеит.

Гарик Харитон-иҧа, ишдыру еиҧш, атуристтә аамҭахәҭа азы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭазароуп афатә аалыҵқәа рыҭираан астандартқәа рықәшәара. Абри ахырхарҭала уснагӡатәқәас иҟаҵо арбан?

Аилак аусура атҵаара ашьҭахь, ҳара реформақәак рымҩаҧгара хымҧадатәны иҟоуп ҳәа агәаанагара ҳауит. Ари аус жәаҳәарада иацҵахоит. Аха убри аан, иазгәоумҭаргьы залшом, еимгаеимцарак ала азҵаарақәа зегьы рыӡбара шзалмыршахо. Иахьазы, Аилак аҿы аҟәшақәа 4 аус руеит. Урҭ акурорттә аамҭахәҭа аҿазыҟаҵареи аплан иарбоу еиҧш, апланнҵыҵтәи аусмҩаҧгатәқәеи еиҿнакаауеит. Иара убас, Аҧсны аекономика аминистр иҿы лассы-лассы имҩаҧгахо аилатәарақәа рҿы ҳара иазҧхьагәаҭоу, ҩымчыбжь ирҭагӡоу агәаҭарақәа реихшьаалақәа ҟаҳҵоит, иаарҧшыз аилагарақәа еилҳаргоит. Ииашоуп, ламысцқьала аус зуа аусдкылаҩцәа ыҟоуп. Аха ус шакәугьы, ахәаахәҭыҩцәа зегьы ишахәҭоу ала рҭакҧхықәра анагӡара рылдыршаӡом. Убри инамаданы, ҳара ҳацклаҧшны аалыҵ ахархәаратә ҽҳәареи амаркировкеи, атауар ахьынтәиаази уи ҭзыжьызи ртәы зҳәо асертификати, уҳәа зегьы гәаҳҭоит.

Иахьа адәқьанқәеи аџьармыкьеи рҿы ирҭиуа атауар ишьақәырҕәҕәоу астандартқәа ирықәшәоит ҳәа уҳәаратәы иҟоума? Изеицәааӡарызеи, иахьа, еицырдыруа Аҟәатәи ауараш зынӡа иара еиҧшӡам ҳәа, акониак акәзар-уи акониак  агьама зынӡа иацәыхароуп, аџьармыкьа аҿы ирҭиуа аџьыка-уи, ҧсабарала иахәҭоу аӡа иалхӡам, ацха-уи ахьӡала зынӡа ашьақарӡҩа еиларшны ирҭиуеит ҳәа ана-ара лассы-лассы ацәажәарақәа уаҳауеит. Аҳәынҭстандарт аинспекторцәа ас еиҧш афактқәа раарҧшра рылшахьома?  

Ааи, ус еиҧш апроблема аҭыҧ амоуп. Даара ирацәаны абрендқәа рҧаршеи ҟарҵоит. Уи, еиҳарак аҩқәеи, акониаки, ауараши, уҳәа ирыдҳәалахоит. Лассы-лассы асоциалтә каҭа аҿы “Аҟәатәи ауараш” ахаҭабзиара еиларгеит ҳәа изну астатиақәа уҧылоит. Убри инамаданы, аҭагылазаашьа аилыркаара азы, аҳәынҭқарратә Еилакы ахаҭарнакцәа – ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Ҭемыр Бигәааи, аҳәанҭқарратә хархәаратә стандарт аҟәша анаҧхгаҩы Гьаргь Ҭарбеи Аҟәатәи ауарашрыга зауад ахь рышьҭра азы аӡбара ҳадаҳкылеит. Азауад анаҧхгараҭара рҧылара мҩаҧысит. Аҵыхәтәаны азауад ахаҭарнакцәа иҭрыжьуа аалыҵ зегьы ишьақәырҕәҕәоу астандартқәа зегьы ишрықәшәо азы агәра ҳдыргеит. Урҭ иара убас, уаанӡа ас еиҧш аҧаршеиркра иадҳәалоу афактқәа ирықәымшәацызт ҳәа иазгәарҭеит. Убри аҟнытә, ҳара ҳгәаҭарақәа ирыцҵахоит. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит “Аҟәатәи ауарашрәыга ахауад” иҭнажьуа аалыҵ абренд арҧаршеира знапы алаку зегьы раарҧшреи раанкылареи азы. Ахархәаҩцәа рыдагьы аҭыжьыҩцәагьы рзинқәа рыхьчара хымҧадатәиуп. Избан акәзар, урҭ ҳҳәынҭқарра абиуџьет ахашәалахәы алазгало аекономика асубиектқәаны иҟоуп. Убасҵәҟьа уадаҩуп аџьыка иадҳәалоу аҭагылазаашьа. Даара ирацәоуп иҧаршеиу аалыҵ хкқәа! Ҳара “Амца”ҳәа хыс змоу, аџьыка ҭзыжьуа  ибзиаӡоу анаплакы ҳамоуп. Уи аалыҵ Урыстәылатәи Афедерациа ауааҧсыра ахшыҩзышьҭра бзиа арҭоит. Хаҭала аџьыка бзианы иҟазҵо ауаагьы ыҟоуп. Аха убри аамҭазы, адәқьанқәеи аџьармыкьеи рҿы ари аалыҵ  аҧаршеи маҷымкәа иуҧылоит. Акониак аҭирагьы ауадаҩрақәа ацуп. Еихтаны  акониак аҭира даара иуадаҩуп. Уи азы ҷыдала еиқәыршәоу атехнологиа аҭахуп. Ас еиҧш ахәаахәҭра ақәиҭымтәра аалагалатәуп. Ҳара еихтоу акониак аҭира ақәиҭымтәра азы ажәалагала ҟаҳҵоит. Убри анаҩс, адәқьанқәа рҿы ҳара ҳинспекторцәа иаадырҧшуеит зыҽҳәара цахьоу аалыҵ маҷымкәа. Насгьы ҭыҧк аҿы зышьҭаҵара ҟамло атауар анеицырҭиуагьы маҷӡам. Иаагозар, акәац, аҧсыӡ, мамзаргьы ашәи ахшхарҵәи. Аилагарақәа зегьы Аилак аҿы иазгәарҭоит. Аинспекциатә гәаҭарақәа раан ҳара ҳаилак аконтактә ҭел аномерқәа зну абҕьыцқәа ана-ара иақәҳарҷабоит: +7(940) 777-54-58. Уи ала ауааҧсыра аилагарақәа рзы адырра ҳарҭар алшоит. Ас еиҧш азыҳәамҭақәа ҭҵаахоит, аҭыӡҭыҧқәа рыла апланнҭыҵтәи агәаҭарақәа мҩаҧгахоит. Ҳара ус еиҧш иҟоу адыррақәа маҷымкәа иҳаухьеит. Аха ауаа еиҳа активра аадырҧшлар еиҕьын. Насгьы, хымҧада иазгәасҭарц исҭаху, аҭел иасуа рхаҿы жәаҳәарада иарбазароуп, избан акәзар, аҧкаанҵатә шәҟәҭагалареи ашәҟәынҵақәа аӡбарҭа ахь рдәықәҵареи рзы аусшәҟәқәа ишахәҭоу ала еиқәыршәазароуп. 

Астатистика аажәгондаз, аҵыхәтәантәи агәаҭарақәа реихшьаалақәа зеиҧшрои? 

Рашәарамза  20 инаркны ҧхынгәымза 6 рҟынӡа, Аҟәеи Афон Ҿыци рыҟны иҟоу 12 сасааирҭа рҿы имҩаҧгаз агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла, акы заҵәык аҿы изеиҧшразаалак еилагарак аарҧшӡамызт. Егьырҭ азҧхьагәаҭарақәа рыҭан, агхақәа рырҽеиразы аамҭа рзалхын.  Ааигәа ҳара ҩаҧхьа иарбоу аобиектқәа ҳарҭаараны ҳаҟоуп. Иашьашәалоу алкаақәагьы ҟаҳҵараны ҳаҟоуп. 

Аҧҟарақәа еилазго рганахьала ахьырхәра аҳасабала иарбан уснагӡатәқәоу имҩаҧысуа?

Иҟоуп еиуеиҧшыи ахьырхәратә методқәа: азин еилазгаз ахараҧса рыдаҳҵоит, агәаҭарақәа ирыдҳәаланы ашәҟәынҵақәа еиқәҳаршәоит, анаҩс урҭ Абжьаҟазаратә Ӡбарҭа ахь иҳашьҭуеит. Аилагарақәа лассы-лассы иаарҧшхозар, усҟан аусшәҟәқәа апрокуратура Хада ахь идәықәҵахоит. Иара убас, зыҽҳәара ахыҧахьоу атауар аарҧшра аан, аинспекторцәа уи шықәгахо азы агәрагара роурц азы аҭра ҧыржәоит. Иара убас, ҳаилаки Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу аекономикатә цәгьоурақәа рҟынтәи ашәарҭадара азы Аусбарҭеи, аекономика Аминистрреи, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи, аинспекциақәа реицымҩаҧгара азы аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп. Аусдкылаҩцәа рахь схы рханы иазгәасҭарц сҭахуп, Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа ракушәа ҟаҵаны атәым уаа адәқьанқәа рҿы агәаҭара мҩаҧыргоит ҳәа адыррақәа ҳауеит. Ас еиҧш афактқәа рыҧхьырҟәҟәаара азы, аусдкылаҩцәа агәаҭаҩцәа рҟынтәи, Аилак ахантәаҩы иаҳасабала сара снапы зҵаҩу агәаҭара азы ақәҵареи урҭ рхаҭара шьақәзыргыло аусшәҟәқәеи раарҧшра азы азыҳәамҭа ҟарҵароуп. Ҳара ҳусура аартызарц, насгьы уи ауааҧсыра рзы хра аланы иҟазарц азы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳазхиоуп.

Возврат к списку

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа