Ажәабжьқәа

Популярное

Апрофессор Ҳагҧҳа: Аҧсуа ан, бҭакҧхықәра даҽаӡәы идбымҵан!

13662
11.01.2016 11:00
Апрофессор Ҳагҧҳа: Аҧсуа ан, бҭакҧхықәра даҽаӡәы идбымҵан!
Апроект “Ашьаҭа” иалагӡаны аҵааруааи, арҵаҩцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи аҧсуа бызшәа азы ргәаанагарақәа шәыдгалахоит.

Аҧсныпресс. Апроект «АШЬАҬА».

Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагҧҳа.

Бызшәаҭҵааҩык лаҳасабала, исызгәамҭо сыҟам аамҭа иаанагаз “аглобализациа” амҩаҧысшьа. Ҳара ҳаиҧш хыҧхьаӡарала имаҷу амилаҭқәа ирзаанымкылозар акәхап мҽхакы ҭбаала аҿиара иаҿу ари апроцесс. Аха ихьааҳгаша – аҧсуаа, ҳбызшәа ҳцәыӡыр, ҳаҧсадгьылгьы ҳара ишаҳтәымхо ҳазымхәыцкәа, ҳхаҭақәа уи аиқәырхаразы иҳалшо зегьы ахьыҟаҳамҵо ауп.

Тезис ҳасабла сырзааҭгылоит зыӡбаразы уадаҩрак ыҟам, аамҭеи ахарџьи рацәаӡаны изҭахым, иахьаҵәҟьа узлагаша ауснагӡатәқәа:

Аҳәынҭқарра Ахада, Жәлар Реизара – Апарламент, аҧыза-министр имҩаҧырго аиҧыларақәа, аилатәарақәа рҟны усугатә бызшәас иҟазароуп аҧсуа бызшәа.

Уи шьаҭас иамазароуп аминистррақәеи, араионқәеи, ақыҭақәеи рхадарақәа русура. Анапхгараҭаратә ҭыҧқәа ирхагылоу, милаҭла иаҧсыуоу, хымҧада идыруазароуп ихатәы бызшәа. Зегьы ҳзы еилкаазароуп – иҧхашьатәӡам аҳәаанырцәтәи асасцәа злахәу аилатәарақәа Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәала рымҩаҧгара, уи хымҧадатәиуп. Аиҭагаҩцәа рыҧшааразы уадаҩра ыҟаӡам, иаҭаху – аус аиҿкаароуп. Асаби ихатәы бызшәа ирҵара иани иаби ишырҭакҧхықәроу еиҧш ауп ҳаҧсадгьыл аҟны ҳбызшәа аиқәырхара, иахьахәҭоу ахархәара аҭара Аҳәынҭқарра аиҳабыра ишыруалу. Ҳауаажәлар дара рыла ирбалароуп аҧсуа бызшәа Аҧсны ҳәынҭқарратә бызшәаны ишыҟоу.

Аҧсны аҵакырадгьыл аҿы аҧсуа бызшәа аӡыргаразы иҷыдоу аҭыҧ аанакылозароуп ареклама.

Арахь имҩахыҵуа асасцәа, аҧсшьаҩцәа изҭааз атәыла закәу реилзыркаауа аӡыргаратә ҕәқәа кыдзароуп. Уаҟа закәанла иахәҭоу аҭыҧ амазароуп аҧсшәа. Аҩырақәа анызароуп ииашаны, гхада. Акырынтә абри азҵаара ҳшалацәажәахьоугьы, иахьа уажәраанӡа иҳаздыруам абарҭ Аҧсны ахы-аҵыхәа иуҧыло аӡыргарақәа ирну еиҭазго зусҭцәоу. Ари ҳәынҭқарратә усуп, иаразы ҷыдала аҭакҧхықәра зду еиҿкаарак ыҟазароуп.

Аҧсны аҩнуҵҟа аҧсуа бызшәеиҧш иӡыргалатәуп аҧсуа ашәагьы.

Аҧсшьарҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, акрыфарҭақәа, атранспорт, уҳәа еиҳа ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рҿы, шьыжьы инаркны хәлаанӡа акәымзаргьы, ауаҩы иаҳауазар ауп аҧсуа ашәа. Ҳара,Анцәа иџьшьаны, иҳамоуп ҳажәлар иаҧырҵаз ашәа лыҧшаахқәа, аркәашагатә мелодиақәа, ицәгьамкәа иҳамоуп ҳаамҭазтәи аестрадатә ашәақәагьы. Аригьы ҳара ҳхаҿра аӡыргара ауп иаанаго, ари ҳара ҳауп изусу, ара ҳаҧсадгьыл аҿы адагьы, ҽаџьара иузыҟаҵом.

Аҧсуа бызшәа аӡыргараҿы акы иаламҩашьо, иҷыдоу аҭыҧ ааныркылоит амассатә информациа ахархәагақәа – ателехәаҧшра, арадио, акьыҧхь, аинформациатә маҵзурақәа.

Макьаназы иҟаҵатәу даара ишырацәоугьы аҧсуа ҳәынҭқарратә радиои ателехәаҧшреи русураҿы иубарҭоуп ҳбызшәа аӡыргаразы аҽазышәарақәа. Ҳажәлар урҭ лымкаала рылаҧш рхуп, иахьеи-уахеи иахьырбо, рыбжьы ахьраҳауа инамаданы. Иааидкыланы иуҳәозар аҩ-телехәаҧшрак рҿы иалагалатәуп иҵегьы аҧсуа бызшәа иазку арубрикақәа рацәаны.

Инаҵшьны иазгәаҭатәуп апериодикатә кьыҧхь аҿы аҧсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасабала иахәҭоу аҭыҧ шамам.

Ари азҵаара акырынтә ишышьҭырххьоугьы, макьаназы уаҩы илаҧш иҵашәартә еиҧш ҽеиҭакра дуқәак ыҟам. Уи азы аҭакҧхықәра зду ауаа ӡбашьак арҭароуп.

Хырҧашьа змам уснагӡатәны иҟоуп аҧсуа хәыҷбаҳчақәа рҭагылазаашьа аиҕьтәра.

Ари азҵаара акырынтә ишьҭырххьеит ааӡаҩцәа, аҳәынҭқарра аганахьалагьы иҟаҵоу маҷым. Ара инаҵшьны сызлацәажәарц исҭаху – аҧсуа хәыҷбаҳчахь инарго ахәыҷы ихатәы бызшәа идыруа, ианамуӡах еиликаауа дыҟазароуп. Ахәыҷбаҳча зыҟоу аҧсышәала ажәак ззымдыруа ахәыҷқәа аҧсшәа дырҵаразы акәӡам. Хықәкы хадас иамоу уи иидыруа ахарҭәаара, ашколқәраҟынӡатәи аамҭа иақәнаго азыҟаҵара аҭара ауп. Иеиуеиҧшым аҭагылазаашьа уадаҩқәа ирыхҟьаны, збызшәа зыцәтәымхаз даҭаҵатәым, иҵартә еиҧш агәаҳәара иҭатәуп. Аха изҵымҵуа агәнаҳа ишаҵоу атәы раҳәалатәуп, аҧсшәа здыруаны, уи атәазымбо, зыхшарагьы идызмырҵо, еиҳа ирдыруа џьашьаны, даҽа бызшәак иахьынҳало ауаа.

Даара хшыҩзышьҭра зыҭатәу зҵаароуп арҵага шәҟәқәеи аметодикатә цхыраагӡатәқәеи реиқәыршәара.

Ари аус аџьабаа ду адызбалахьоу, иара уажәыгьы иадызбало рацәаҩуп, аха ириашатәу, ирманшәалатәу ыҟоуп макьаназы. Абызшәа иазку арҵагақәа ирымазароуп иеицырзеиҧшу иаку атерминологиа. Аиҭахәаҧшра зҭаху маҷым алитературахь иаҵанакуа арҵагатә материал аҟынгьы. Аҧсышәала иҩу зегьы хрестоматиам, убри аҟнытә, иеиҕьу алҧшаараҿы ирықәныҟәатәуп иҷыдоу апринципқәа. Уи апроблема зегь реиҳа ирдыруеит арҵаҩцәа, аметодистцәа. Иақәнагоуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит урҭгьы злахәу арҵага шәҟәқәа рзы аексперттә комиссиа аҧҵара.

Хыхь иеиқәысыҧхьаӡаз апроблемақәа, ас статиак аҿы зцәыргара алымшо, аҧсуа бызшәа аиқәырхара иадҳәалоу егьырҭ апроблемақәагьы иахьынӡазалшо ирласны рыӡбаразы ихымҧадатәиуп иҷыдоу апрограмма адкылара.

“Зхатәы бызшәа змырхыз ахәыҷы зыбжьы змырхыз аҟармаҵыс даҩызахоит”, – иҩуан аурыс методист ду К. Д. Ушински.

Зыхә шәаны ҳхәыҷқәа идҳарҵо атәым бызшәа аҭахуп, аха уи ҳара ҳкультура, ҳтрадициақәа азеиқәырхом, уи қәкысгьы иамаӡам. Ҳара ҳтәы ҳара ҳада уаҩ дашьҭаӡам, ҳбызшәа анаҳзеиқәмырха , еиқәхом Аҧсынгьы. Аҧсуа бызшәа – иахьиуагьы ароуп, иахьҿиауагьы ароуп, иахьыҧсуагьы ароуп.

Ҳаҭыр дуӡӡа зқәу ҳауаажәлар! Иахьа ҳара иҳамоуп ихьыҧшым Аҧсуа ҳәынҭқарра, уи иақәнагоу амахәҭақәа. Зыҧсадгьыл згәы азыбылуа ауаа зегьы иаҳбарҭоуп згәырҵҟәыл ҵаулоу аҿар бзиа шҳаҵагылоу. Имҩахҟьаз аӡәы дыҟазаргьы, ҳара аиҳабацәа ҳауп изхароу. Ирыгҳажьыз рыгуп. Ҳара ҳҭагылоуп “аӡәы бзиак шәҩык данраҩсуа” аамҭа. Аҽырҧшӡаразы ацәажәара аармаҷны, Аҧсны аҧеиҧш шәара шәоуп ҳәа еснагь изаҳҳәо аҿар ирықәнагоу ахылаҧшра раҳҭап, рхатәы бызшәа агәыбылра рыкратәы аҭагылазаашьа бзиа рзаҧаҳҵап.

Аҧсуа ан, бҭакҧхықәра даҽаӡәы идбымҵан, ибыхшаз бхатәы бызшәа ирҵа, имилаҭ рдоуҳатә культура далхәдааны дҟабымҵан, иаҧхьаҟа уи иҧырхагахоит!

Возврат к списку

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа