Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

11.02.2015 13:08
Уажәтәи аамҭазы, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Акультуратә Гәыҳалалратә Фонд “Ашанеи” имҩаԥыргоз “аномер ԥшӡақәа”рыҭира иазкыз агәыҳалалратә интернет-аукцион 1 751 000 мааҭ еизнагахьеит.
11.02.2015 13:00
Иҿыцу аныҟәцаратә зин аршаҳаҭгақәа европатәи астандартқәа ирықәшәо иҟалоит. Уи иабзоураны, амашьынаныҟәцаҩцәа ԥықәсларада машьынала Европа атәылақәа рҿы аныҟәаразы алшара роуеит.
10.02.2015 12:55
Аџьынџьтәылатәи Еибашьра аветеран, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәҩҩы Александр Ҭариа иԥсҭазаара далҵит.
10.02.2015 12:51
“Аҟәа ақалақь аҿы хылаԥшрада иаанхаз алақәа рықәыхра – ԥсыхәа змам ацарҭадаратә усмҩаԥгатә ауп, аха уи мап ацәкразы алақәа рзы апитомникқәа еиҿкаатәуп. Уи азы иаҭахәу ахарџь аҳҭнықалақь Ахадара ахахьы иагартә еиԥш алшара амам”, – ҳәа иазгәалҭеит аҳҭнықалақь Ахадара Амуниципалтә усбарҭа “Аҳҭнықалақь акомуналтә наԥхгараҭара” аиҳабы Елена Атиопина.
10.02.2015 12:34
Ахыбрақәа хазхатәра аиуреи, урҭ қьырала ргареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа, иарбоу аԥҟарақәа иахьрықәымныҟәо азы, урҭ еиҭахәаԥшхар рылшоит.
09.02.2015 12:29
Амҵәышәмпыл азы Аҧсны еизгоу акоманда “Сухум-Абхазия” краснодартәи акоманда ”ФГБОУ ВПО “КУБГУ” 79:84 ҳәа аиааира ириааит
06.02.2015 12:26
Аҳәынтқарратә аурыс драматә театр аҟны Антон Чехов икомедиа “В конце  женю” ала аспектакль, иара убас амузыкатә спектакль Андерсен илакә “Сто поцелуев за шляпу” рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит.
06.02.2015 12:17
Иааиуа аҵарашықәс инаркны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы абитуриентцәа аҧсуа бызшәа ахьынӡардыруа аилкааразы аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иалагоит.
06.02.2015 12:11
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Лугансктәи акультуреи аҟазареи Ракадемиа аҟынтәи аусецуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵареи рзы адгалара роуит.
06.02.2015 12:07
Февраль 7, асааҭ 11:00 рзы Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал хада аҿы, зылшара ҧқәу ахәыҷқәа рнапала иҟаҵоу аҳамҭаҷқәа рцәыргақәҵа-џьармыкьа мҩаҧгахоит. Уи агәыҳалалратә Фонд “Кармил” еиҿнакаауеит.

Страницы: Пред. 1 ... 498 499 500 501 502 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа