Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

05.02.2015 11:44
Аӡынразы ишәҭуа Аҧснытәи ааҧынтәи акакҷ ашәҭ ахкы хылаҧшрада иҳәаадоу аҿыхра иахҟьаны, уи ииаӡаауа аҵиаақәа рсиа ианылеит.
05.02.2015 11:37
Ноиабр мза, 2014 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы ихацыркыз ақәыршҩытә ҩаршьҭрақәа ррыцқьара иазкәу аусурақәа ахыркәшарахь инеит. Абри атәы “Аҧсныпресс” акорреспондент иеиҳәеит амҩақәа рҿы аиҭашьақәыргылара - ргыларатә усурақәа русбарҭақәа амуниципалтә наҧхгараҭара (МУП ДРСУ) анаҧхгаҩы Дырмит Аҳәба.
05.02.2015 11:31
Адепутатцәа Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ахь алхрақәа рзы акомиссиа шьақәдырӷәӷәеит. Уи аилазаара иалалеит: Ҳаџьараҭ Хәарцкиа, Рисмаг Аџьынџьал, Иулиа Гәынԥҳа, Борис Занҭариа, Аза Агәымааԥҳа, Елена Кувичко, Рустамбеи Ҭарба, Кристина Гәынԥҳа, Далила Ԥлиаԥҳа, Рамаз Џьопуа, Инеза Ҭарба.
05.02.2015 11:27
Аректори ажурналистцәеи реиԥылара М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵҩратә институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь аиагара аныҟалаз амш азгәаҭара иазкын.
04.02.2015 11:24
Афестиваль ахыцқәа ирҭагӡаны, ахәыҷтәы турнирқәа мҩаԥыргоит, уа Аԥснытәи жәаҩык ашахматистцәа алахәуп. Аԥхьахәтә ҭыԥқәа рзы еицлабуеит 700-ҩык ахәычқәа, адунеи атәылақәа рҟынтәи.
04.02.2015 11:19
Есышықәса феврал 4 рзы Адунеизегьтәи акьыба ахәышәтәра амш азгәарҭоит. Уи аԥнаҵеит Жәларбжьаратәи аонкологиатә чымазарақәа рыхәшәтәразы ахеидкыла. Аԥсны ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аҟаҵара Афон ацхыраарала еиҿкаауп аонкологиатә чымазара змоу рыцхрааразы аҳәынҭқарратә программа. Уа ахәшәқәа рыҭареи, ахимиотерапиеи, Амилаҭтә онкологиатә  центр аҿы аԥҟареи хәыда-ԥсада имҩаԥыргоит.
04.02.2015 11:09
Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы  Жәлар Реизара–Апарламент Акомитет аилатәара мҩаҧысит. Уи ахантәаҩра азиуан Гьаргь Агрба.
04.02.2015 11:06
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи азинмчы зманы  Преднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аҿы иҟоу Аҧсны ахаҭарнак Александр Ватамани русуратә еиҧылара мҩаҧысит.
03.02.2015 11:02
13 шықәса зхыҵуа Тимур Бгеу иҭоурых Аҧсны иқәынхо зегьы ирдыруеит. Уи ихәшәтәразы изныкымкәа иахәҭоу аҧара изеизыргахьеит. Аҷкәын хәыҷы иуадаҩу ачымазарақәа: аепилепсиа,  ахәыҷтәы ацеребралтә даблара уҳәа рыла дычмзаҩуп. Ихымҧадатәны еизгатәу аҧара 257, 521 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
03.02.2015 10:58
Ешыра ақыҭа апроект “Горная Абхазия” аштаб аҿы, аекспедициа азы аиқәыршәагақәа рырбара мҩаԥысит. Урҭ Аԥсны афинасқәа Рминистрреи, амобилтә еимадара “Аквафон” рыцхыраарала иаахәоуп.

Страницы: Пред. 1 ... 499 500 501 502 503 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа