Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

17.02.2015 18:30
Ақалақь Аҟәа. Февраль 17. Аԥсныпресс. Ахыбрақәа рҿы аҩыракнаҳақәеи адәахьтәи аӡыргареи ишахәҭоу еиҿкааны аҟаҵареи – Аҟәа ақалақь  ахадара аӡыргареи, аинформациеи, ақалақь архиареи рзы Анаԥхгараҭара ари аус анагӡара ахахьы иагеит. Уи анаԥхгаҩы Асҭанда Гыцԥҳа лажәақәа рыла, аӡыргаҭаҩцәа ишьақәырӷәӷәоу аԥҟаррақәа рықәымныҟәаразы аҭакԥхықәра рыдҵахоит
16.02.2015 13:50
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә еиҿкаара “Sadakatasi” ахаҭарнакцәа идикылеит.
16.02.2015 13:46
Аҳәынҭқарратә аҭаҭынтә фабрика  аатиижьҭеи 90 шықәса ҵит. Ари ахҭыс  февраль 16, 1925 шықәсазы  Аҟәа ақалақь иҟалеит.
16.02.2015 13:39
Аԥснытәи аветеринарцәа рделигациа раԥхьаӡа акәны аветеринариатә усеицура иазкәу жәларбжьаратәи Ахеилак аилатәара рхы аладырхәуеит. Уи, февраль 19-20, Шәача ақалақь имҩаԥысуеит.
16.02.2015 13:35
Иахьа асаааҭ 17 рзы, Аҟәатәи аџьаама ашҭа аҿы , ”Аԥснытәи аԥсылманцәа иакәу рдоуҳаҭә наԥхгараҭареи”, ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә еиҿкаара “Sadakatasi” еиҿнакаауа, Сириантәи иааз ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭара иазкәу агәыҳалалратә акциа хацыркхоит.
12.02.2015 13:30
Иҟоу аԥсуа паспортқәа аҿыцқәа рыла аиҭныԥсахра апроцесс аиҿкаара иазкәу аусура ахырқәшамҭахь анеира иаҿуп. Абри атәы, атәыла ақәынхаразы  азин зырҵабырго аусшәҟәы ашьақәырӷәӷәареи, Аԥсны атәылауаҩ  ипаспорт иҿыцу ақәырԥшы алагаларазы аҭагылазаашьа  аиқәыршәареи ирызкәу аусуратә гәыԥ анаԥхгаҩы, Аԥсны аԥыза –министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба имҩаԥигаз апресс-конференциа аҿы иеизаз ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит.
12.02.2015 13:26
Аԥсны атерриторриа иахьаҵанакуа Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥсатә полисқәа аусура иалагоит. Абри атәы иахьа имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов.
12.02.2015 13:24
Аҳҭнықалақь Аҟәа Ахада инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Ҳаразиа Анхарҭатә Усбарҭа аколлектив  уи анаԥхгаҩ ҿыц Сергеи Матосиан дыдирдырит.
12.02.2015 13:17
Аҳҭнықалақьтә ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҭыԥқәа ахьҟам азы, ахазхаҭалатәи абаҳчақәеи, ааӡаҩ имаҵзура анагӡара рыдызгало ауаа рацәаҩхеит. Аҳҭнықалақь аҿы ахазхаҭалатәи абаҳчақәа ааба официалла аус руеит.
12.02.2015 13:11
Баслахә ақыҭа Ахадара ҩы-шықәса раԥхьа ахатәы информациа-аилыркааратә саит аадыртит. Асаит уҭалар ҟалоит абри аелектронтә адрес : baslakhu.org. ала.

Страницы: Пред. 1 ... 497 498 499 500 501 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа